Метиу  Миллер -  Урыстәыла еснагь Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара ҳхаранаҵоит, уи мцуп, ахшыҩдароуп
Метиу  Миллер -  Урыстәыла еснагь Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара ҳхаранаҵоит, уи мцуп, ахшыҩдароуп

«Урыстәыла еснагь Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара ҳхаранаҵоит, уи мцуп, ахшыҩдароуп», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә хаҭарнак  Метиу  Миллер.

Метиу  Миллер урыстәылатәи АИХқәа иаладырҵәаз аинформациа иазкны иазҵааит. Ари аинформациа иануп: «Урыстәыла Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура иаиуз аинформациа инақәыршәаны,   Америка,  жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рыла   Қырҭтәыла  анапхгара рыҧсахра аҭахуп». Иара убас,  аинформациа ишану ала,  аиҳабыра рыҿагылара апроцессаҿ ахадаратә роль налыгӡароуп Қырҭтәыла ахада Зурабишвили.

«Абри зегьы мцуп,  уи лабҿаба иубарҭоуп.  Урыстәыла еснагь Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара ҳхаранаҵоит, уи мцуп, ахшыҩдароуп. Уажәы,  ҳара ари азҵаара ҳаналацәажәо, Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына закәандарала импыҵахаланы иамоуп,   абри атәыла, даҽа ҳәынҭқаррак абри аҩыза ахарадҵара азықәыргылара азин амам», — иҳәеит Миллер.