Метиу Миллер – Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа уажәгьы даараӡа ҳаргәамҵуеит, убри аҟынтә, асанкциа ҿыцқәа шьақәҳаргылеит, ацхыраареи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи аанаҳкылеит
«Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа уажәгьы даараӡа ҳаргәамҵуеит», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак Метиу Миллер.
Иара иажәақәа рыла, убри азоуп Америка асанкиақәа шьақәыргыланы, ацхыраареи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи зааннакылаз.
«Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа уажәгьы даараӡа ҳаргәамҵуеит, дара рхатә уааҧсыра ирықәыҕәҕәоит, евроатлантикатә интеграциа иазку адемократиатә мҩа ианыҵит. Убри азоуп ақырҭуа аиҳабыра алахәылацәа асанкциа ҿыцқәа рзышьақәыргыланы, ацхыраареи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи заанаҳкылаз», — иҳәеит Миллер.