Меҭиу Миллер – Иахьа ҳара жәаҩыла Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазку ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, раҧхьатәи апакет иаҵанакуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, азинхьчаҩцәеи, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи
Меҭиу Миллер – Иахьа ҳара жәаҩыла Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазку ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, раҧхьатәи апакет иаҵанакуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, азинхьчаҩцәеи, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи

«Иахьа ҳара жәаҩыла Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазку ашьаҿақәа ҟаҳҵоит», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент аспикер Меҭиу Миллер иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла,  раҧхьатәи апакет иаҵанакуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, азинхьчаҩцәеи, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи.

«Америка  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа имҩаҧырго антидемократиатә политикеи, уажәааны иҟарҵаз аҳәамҭақәеим рриторикеи даараӡа иаргәамҵуеит.  Абри аҩыза ахымҩаҧгашьа Қырҭәтыла европатәиаҧемҧш иаҧырхагоуп, Қырҭәтыла Аконституциа еиланагоит, ақырҭуа жәларрҭаххара иашьашәалам.  Уажәааны аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Қырҭәтылаҟны 2 ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ари апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә департамент авизатә аҧкрақәа аполитика ҿыц аланарҵәоит.  Иахьа ҳара жәаҩыла Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазку ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, раҧхьатәи апакет иаҵанакуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи, апарламент алахәылацәеи, азинхьчаҩцәеи, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи. Қырҭтәыла алидерцәа рхымҩаҧгашьа еиҭахәаҧшны, рәтыла адемократиатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ус ҟамлар, Америка иҵегьы иахәҭоу  ашьаҿақәа рыҟаҵара иазыхиоуп», — иҳәеит  Меҭиу Миллер.