Метиу  Миллер – Ҳаргьы Евроеидгыла алахәылацәагьы ибзианы еилаҳкаауеит Қырҭтәылаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳанрылацәажәо адемократиатә ахьаҵра алҵшәа цәгьа шахылҵуа
Метиу  Миллер – Ҳаргьы Евроеидгыла алахәылацәагьы ибзианы еилаҳкаауеит Қырҭтәылаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳанрылацәажәо адемократиатә ахьаҵра алҵшәа цәгьа шахылҵуа

«Ҳаргьы Евроеидгыла алахәылацәагьы ибзианы еилаҳкаауеит Қырҭтәылаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳанрылацәажәо адемократиатә ахьаҵра алҵшәа цәгьа шахылҵуа», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  Метиу Миллер, Евроеидгыла ала Қырҭтәылазы афинансыркра аанкылара данахцәажәоз.

«Евроеидгылоуп ари аӡбара здызкылаз, дара иаҳа еиҕьны аилыркаарақәа ҟарҵоит, аха, сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Евроеидгыла атәылақәагьы ирҳәахьеит ҳаргьы иаҳҳәахьеит Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа ҳанрылацәажәо, адемократиатә ахаьҵра алҵшәа цәгьақәа шахылҵуа», — иҳәеит  Миллер.

Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирызкны ианиазҵаа Миллер ишиҳәаз ала,  Вашингтон «Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иаҿуп».