Местиатәи амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы асду амшала апроблемақәа цәырҵит
Местиатәи амуниципалитет аҿы хымш ас ду леиуеит. Местиатәи амуниципалитет ахада Капитон Жьоржьолиани иажәақәа рыла, ас ду амшала амуниципалитет иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы апроблемақәа цәырҵит, амҩақәа аркуп, ауааԥсыра афымцалашарада иаанхеит.
Местиатәи амуниципалитет ахада Капитон Жьоржьолиани ишааицҳаз ала, ақыҭақәа рҿы́ аҩнуҵҟатәи амҩақәа рыцқьара иалагахьеит.