Мераб Двалишвили - Стәыла 20% импыҵахалоуп, Урыстәыла ари Украинаҿгьы нанагӡоит
Мераб Двалишвили - Стәыла 20% импыҵахалоуп, Урыстәыла ари Украинаҿгьы нанагӡоит

Иахьа Мераб Двалишвили UFC аҿы абжьбатәи аиааира игеит. Ақырҭуа ақәԥаҩ икариераҿ зегь реиҳа ихадоу аиааира иган, бразилиатәи Жозе Альдо даҵаирхеит.

Ақәԥара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы ажурналист Двалишвили Ҳабиб уеиԥшуп ҳәа иаиҳәеит.

“Ауаа еиԥшым. Ҳабииб длегендоуп. Ҳара регионк ҳахылҵит, Кавказ. Ҳкультурақәа иазааигәоуп. Ҳара Кавказ аахыҵ ҳанхоит, урҭ – нхыҵ. Урҭ аԥсылманцәоуп, ҳара ҳқьырсианцәоуп. Ҳабиб пату ду иқәысҵоит, аха сара с-Ҳабибым, сара Мераб Давлишвили соуп!

Ҳабиб Урыстәыла ахьӡала дықәԥлит. Ахаан итәыла ахьыԥшымра аман, уажәы уи Урыстәыла иалоуп! Анцәа иџьшьоуп, ари зхы ихьыԥшым Қырҭтәыла ахсаалоуп (Мераб ажурналистцәа Қырҭтәыла ахсаала иирбеит). Санииз ари атәылаҽацә (Аԥсны) Урыстәыла ампыҵахалара азнауит, 2008 шықәсазы – ари атәылаҽацә (Самачабло). Сыбжьы рдууны исҳәар сҭахуп – Урыстәыла ампыҵахалаҩ тәыла ауп! Стәыла 20% импыҵахалоуп, Урыстәыла ари Украинаҿгьы нанагӡоит. Акгьы зхарам ауаа рацәаны иҭахоит. Ари аибашьра анкылара ҳалшоит,”  – иҳәеит Двалишвили.