Меҭиу Миллер  - Хаҭалатәи ахаҿы изышьақәҳаргылаз асанкциақәа Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа ирԥырхагом
Меҭиу Миллер - Хаҭалатәи ахаҿы изышьақәҳаргылаз асанкциақәа Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа ирԥырхагом

Аҵыхәтәантәи 30 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәылеи ЕАШ-и астратегиатә партниорцәахеит, Евроатлантикатә ҭаацәараҿ аинтеграциа наӡа змауа Қырҭтәыла ашьақәгылараҿ ҳаиқәԥоит.  Хаҭалатәи ахаҿы изышьақәҳаргылаз асанкциақәа Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа ирԥырхагом, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент апресспикер Меҭиу Миллер ақырҭу́а журналист изықәиргылаз азҵаара иаҭакны.

“Ҳара асанкциақәа алаҳгалеит 150-ҩык рганахьала. Асанкциацыԥхьаӡа ахцәажәара салагом. Ҳара еснагь ақыруа жәлари урҭ рҽазкрақәеи ҳрыдгылон. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса ирылагӡаны Қырҭтәылеи ЕАШ-и астратегиатә партниорцәахеит, Евроатлантикатә ҭаацәараҿ аинтеграциа наӡа змауа Қырҭтәыла ашьақәгылараҿ ҳаиқәԥоит.  Хаҭалатәи ахаҿы изышьақәҳаргылаз асанкциақәа Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазаашьақәа ирԥырхагом“, – иҳәеит Меҭиу Миллер.

ЕАШ Украина Урыстәыла иалагаз аибашьра инамаданы, 150 аиуристтәи афизикатәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа аланагалеит. Асанкциақәа зқәырҵаз дреиуп Қырҭтәыла ԥасатәи апрокурор хада Оҭар Ԥарцхалаӡе.