Меҭиу Миллер - Қырҭтәыла апарламент иаларгалаз азакәанпроект Қырҭтәыла Европатәи амҩа иахьаԥырхагахо, ақырҭуа уаажәларра аԥхасҭа ахьырнаҭо  ҳгәы иалсуеит
Меҭиу Миллер - Қырҭтәыла апарламент иаларгалаз азакәанпроект Қырҭтәыла Европатәи амҩа иахьаԥырхагахо, ақырҭуа уаажәларра аԥхасҭа ахьырнаҭо ҳгәы иалсуеит

Қырҭтәыла апарламент аларгалаз азакәанпроект Қырҭтәыла Европатәи амҩа ахьаԥырхагахо, ақырҭуа уаажәларра аԥхасҭа ахьазаанаго даара ҳгәы иалсуеит,  – асоциалтә каҭаҿы иҩит Аҳәыҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер.

„Атәым анырра аартызаара иазку” азакәанԥҵаратә аԥшьгара апарламент аҿы иаԥшьырган. Аԥсахрақәа иаауа ашәахьаҽны имҩаԥысуа абиуро аилатәараҿ цәыргахоит, уи ашьҭахь уи ахәаԥшра иалагоит.“Ақырҭуа гәахәтәы” иҟанаҵаз аҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа еиҭах ицәырыргоит аҳәаанырцәтәи афинансыркра аартызаара иазку азакәанҧҵаратә ашьгара.  Азакәанпроектаҿ атермин «атәым агент» ирыҧсахуеит, уи ацынхәрас абри авариант анырҵоит  — «атәым ҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәныҟәо аиҿкаара».