Қырҭтәыла Аиҳабыра угәы ԥызжәаша ашьаҿақәа рыҟаҵара нанагҳоит, атәыла евроатлантикатәи атраекториа иацәыхарахоит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикет Меҭиу Миллер.
Миллер иажәақәа рыла, ЕАШ-и Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра апроцесс нагӡахоит.
“Қырҭтәыла Аиҳабыра угәы ԥызжәаша ашьаҿақәа рыҟаҵара нанагҳоит, атәыла евроатлантикатәи атраекториа иацәыхарахоит, Евроатлантикатә аԥеиԥш ақырҭуа жәлар алырхит. Ахатәгәаԥхарала арегистрациа иахымсыз аиҿкаарақәа рганахьала азыӡбанагӡара алагара ҳаргәамҵуеит.
Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Меҭиу Миллер иҟаиҵаз аҳәамҭала, ҩтәылак реизыҟазаашьақәа реиҭахәаԥшра апроцесс нагӡоит. Ари апроцес аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАШ ӡбарақәак аднакылеит. Авизатә режим рзышьақәҳаргылеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” алахәылацәа, апарламентарцәа, азакәанхьчаҩцәа, хаҭалатәи ахаҿқәа. Аанкылоуп Қырҭтәыла аиҳабыра аиуоз 95 миллион доллар иаҟараны ацхыраара. Уажәы апроцесс аҩбатәи ахәҭа нагӡоит, аха уи ахцәажәара макьана сгәы иҭам”, – иҳәеит Миллер.