Меҭиу Миллер – Ҳара евроинтеграциа апроцессаҿ ақырҭуа жәлар рыдгылара наҳагӡоит, аха, ишаабо еиҧш, Қырҭтәыла аиҳабыра даҽа мҩак алырхит
Ҳара евроинтеграциа апроцессаҿ ақырҭуа жәлар рыдгылара наҳагӡоит, аха, ишаабо еиҧш, Қырҭтәыла аиҳабыра даҽа мҩак алырхит, – иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә департамент апресс-спикер Меҭиу Миллер.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа амшала, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахеит.
„Ишаабаз еиҧш, Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиатә принципқәа ирышьашәалам азакәанқәа шьақәдырҕәҕәеит. Дара ирыдыркылаз азакәанқәа ҳрылацәажәеит, урҭ атәылауаҩратә уаажәларразы ныррас ироуа ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа амшала, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахеит. Америка мацара акәымкәа, европатәи атәылақәа рҟнгьы аизыҟазаашьақәа ҧхасҭахеит“, – иҳәеит Миллер.