Меҭиу Миллер - Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит, ари еилыкка ааҳарԥшит
Иацҵаны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иазку азҵаара азхәыцра наҳагӡоит, – иҳәеит ЕАШ Аҳәынҭқарратә Департамент ахаҭарнак Меҭиу Миллер, Қырҭтәыла иазку ны изықәдыргылаз азҵаара иаҭакны.
Ажурналист Алекс Рауфогӷлу Миллер диазҵааит: “Қырҭтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи аусԥшаара амҩаԥгара мап ацәнакыр ари иахылҵуазеи ҳәа”.
Миллер ари иаҭакны иҟаиҵаз аҳәамҭала, ақырҭуа жәлар рыдгылоит, ари еилыкка аадыарԥшит.
“Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит, ари еилыкка ааҳарԥшит. Ҳара еилыкка иаҳҳәеит урҭ Евроеидгыла алалара аганахьала ирымоу агәазыҳәарақәеи евроатлантикатәи ринтеграциеи ҳшырдгылоу. Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара Қырҭтәыла аҳәынҭқарраҟны еизыазаашьаа реиҭахәаԥшра апроцесс аҿы ҳаҟоуп, аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәа ирыьзоураны аанаҳкылеит 95 миллион доллар иаҟараз ацхыраара рыҭара. Иацҵаны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иазку азҵаара азхәыцра наҳагӡоит”, – иҳәеит Миллер.