Меҭиу Миллер - FARA илегитиму иҳәынҭқарратәм аиҿкаарақәа акәым, атәым аиҳабырақәа рыхьӡала ауранагӡара иаҿу ахаҿқәа ирызкуп, ари даҽакоуп
Америкатә атәым агентцәа рҭаҩкра акт (FARA) илегитиму иҳәынҭқарратәм аиҿкаарақәа акәым, атәым аиҳабырақәа рыхьӡала ауранагӡара иаҿу ахаҿқәа ирызкуп, ари даҽакоуп, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер.
Апрессконференциаҿ ажунралист Меҭиу Миллер азҵаара изықәиргылеит ЕАШ FARA аналшо аамҭазы, Қырҭтәыла “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект адкылара аалымшои ҳәа.
„Еиԥшым арҭ азакәанқәа рҵакы. Аҭаҩра иазку акт шәанахуаԥшуа, уи илегитиму иҳәынҭқарратәм аиҿкаарақәа, агуманитартәи атәылауаҩратәи ауранагӡара иаҿу иҿкаарақәа ракәым, атәым аиҳабырақәа рыхьӡала ауранагӡара иаҿу ахаҿқәа ирызкуп, ари даҽакоуп“, – иҳәеит Миллер.