Меҭиу Миллер - ЕАШ агәжәажәара аанарԥшуеит Қырҭтәыла Аиҳабыра адемократиа иаҿагыло ахымҩаԥгашьа амзызла, ари Евроеидгылеи Натои ралалара анормақәа ирҿагылоит
ЕАШ агәжәажәара аанарԥшуеит Қырҭтәыла Аиҳабыра адемократиа иаҿагыло ахымҩаԥгашьа амзызла, ари Евроеидгылеи Натои ралалара анормақәа ирҿагылоит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер.
“Атәым нырра иазку азақәан ада, Қырҭтәыла аиҳабыра ари азакәан иадҳәаланы атәылауаа ирымаз апротест изныкымкуа мчымхарыла ишьаҽит. Иахьа ЕАШ Қырҭтәыла аиҳабыра ҩыџьа ачинҳаракҩцәеи амчылатәи аекстремисттә гәыԥ ҩыџьа алидерцәеи, иара убас 60-ҩык иреиҳаны авизатә санкциақәа рзышьақәнаргылоит ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи, акоррупциеи, антидемократиатә уснагӡатәқәа рҽалархәреи рзы“, – иҳәеит Миллер.
Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыжәлар иалырхыз амҩа́ шазыхынҳәуа иақәгәыӷуеит.