Меҭиу Миллер – Асанкциа ҿыцқәа рполитика атәы ааҳацҳаит, хазхаҭалатәи асанкциақәа макьана ишьақәыргылам, аха, ишаҳҳәаз еиҧш, хара имгакәа арҭ асанкциақәа шьақәыргылахоит
Ирыдыркылаз азакәан амшала Қырҭтәыла адемократиатә хырхарҭа иацәыхарахоит, атәылауаҩратә уаажәларра астигматизациа ҟалар ауеит, аизареи агәаанагара аарҧшреи азин ҧырхага аиуеит, иара убас, абри зегьы амшала, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа шьаҭанкыла рҽырыҧсахуеит, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер.
Иара иажәақәа рыла, убри азоуп Америка Қырҭтәылаҟны аизыҟазашьақәа реиҭахәаҧшра изалагаз.
„Убри азоуп ҳаизыҟазашьақәа реиҭахәаҧшра ҳзалагаз. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рхымҩаҧгашьа ақәҿыҭрас иаҳҭаша ҳаӡбароуп. Асанкциа ҿыцқәа рполитика атәы ааҳацҳаит, хазхаҭалатәи асанкциақәа макьана ишьақәыргылам, аха, ишаҳҳәаз еиҧш, хара имгакәа арҭ асанкциақәа шьақәыргылахоит“, – иҳәеит Миллер.
Иара убас, Миллер иазҵааит Ентони Блинкен Мрагыларатә Европаҿ ивизитқәа раан Қырҭтәыла дзаламцәажәеи ҳәа.
„Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭәәылаҟны ҳаизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра иазкны аҳәамҭа алаирҵәеит, Қырҭтәыла иазоуҳажьҭуа шәмиллионла ацхыраара абри амшала ашәарҭара иҭагылар ауеит. Иара убас, авизатә режим аҧкра иазку аполитиказгьы аҳәамҭа ҟаҵан. Америка абри ахырхарҭала ашьаҿақәа ҟанаҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абра саангылоит“, – иҳәеит Миллер.