Меҭиу Миллер  - Ақырҭуа жәлар, дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, уи аҵакы ду амоуп
Меҭиу Миллер  - Ақырҭуа жәлар, дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, уи аҵакы ду амоуп

Ақырҭуа жәлар, дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, уи аҵакы ду амоуп, – иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер абрифинг аҿы.

„Изныкымкәа иаабахьеит Урыстәыла ала   даҽа тәылак алхрақәа рҽалагалара аҽазышәарақәа. Ҳара еснагь ҳгәы ҳҽануп, ари апроцесс ҳацклаҧшуеит. Ҳара ҳҟынтә изныкымкәа ишшәаҳахьоу еиҧш, ақырҭуа жәлар дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, уи аҵакы ду амоуп, ақырҭуа жәлар мацара роуп рхатә тәыла аҧеиҧш зыӡбаша“, – иҳәеит Миллер.