Украинаҿ аибашьры шықәсқәак нагӡахар ҟалап, – иҳәеит Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецки NBC аинтервиу аҿы.
“Аибашьра ахыркәшара арыцхә аҳәара ҳалшом. Ҳара афронт аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит, уи иашьашәаланы европатәи ҳпартниорцәеи ҳареи Украина адгылара азааҳарԥшуеит”, – иҳәеит Моравиецки.
Польша аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аибашьры шықәсқәак нагӡахар ҟалап. Моравиецки ишазгәеиҭаз, Пентагон мащалатәи адокумент аларҵәара иахәамԥшыкәа, америкатәи аԥшыхәратә маҵзурақәа рыгәра игоит.