Матеуш Моравиецки - Евроинтеграциа амҩаҿ Польша Қырҭтәыла иадгылоит, Қырҭтәыла аҭыԥ Евроеидгылаҿ ауп
Евроинтеграциа амҩаҿ Польша Қырҭтәыла адгылоит, Қырҭтәыла аҭып Евроеидгылаҿ ауп, – иҳәеит Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецки Баҭым, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Моравиецки иажәақәа рыла, евроинтегарциа амҩаҿ Польша Қырҭтәыла адгылара активла нанагӡоит.
„Евроинтеграциа амҩаҿ Польша Қырҭтәыла адгылоит, Қырҭтәыла аҭып Евроеидгылаҿ ауп. Атәылацыԥхьаӡа ахатә амҩа алхра зин амоуп. Қырҭтәыла аҭып Евроеидгылаҿ ауп. Польша, Украина, Қырҭҭәыла иахьа имариам аҭагылазаашьаҿ иҟоуп. Ҳара ҳаззегьы аҭынчра ҳҭахуп. Аха Кремль аҿы ари аилкаара ирцәыуадаҩуп. Евроинтегарциа амҩаҿ Польша Қырҭтәыла адгылара активла нанагӡоит. Ари аганахьала Украинаҟны аусеицура анагӡара ҳалшоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳара Қырҭтәылеи Польшеи азеиԥш рҭоурых ибзиаӡаны иҳгәалашәоит, убри аҟынтә аусеицура арӷәӷәара ҳҭахуп,” – иҳәеит Польша аԥыза-министр.