Марта Кос - Қырҭтәыла аиҳабыра рыла „Атәым анырреи“ „Аҭаацәаратә принципқәеи“ ирызку азакәанқәа раҧыхра ҳазыҧшуп
Қырҭтәыла аиҳабыра рыла „Атәым анырреи“ „Аҭаацәаратә принципқәеи“ ирызку азакәанқәа раҧыхра ҳазыҧшуп, – илҳәеит Еврокомиссиа аилазаара ҿыц аҿы арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар иҭыҧаз кандидатс иқәгылоу Марта Кас.
Лара лҳәамҭала, ақырҭуа жәлар агәыҕра рцәымӡроуп.
„Ҳара ақырҭуа жәлар ираҳҳәар ҳҭахуп – агәыҕра шәцәымӡааит. Ҳара арҭбаара апроцесс анагӡара ҳазыхиоуп. Аха, раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аиҳабыра иаҳдырбароуп ари амҩа анагӡара шырҭаху, уи азыҳәан, дара ирыдыркылаз 2 закәанк – „Атәым анырра иазку“ азакәани „Аҭаацәаратә принципқәа ирызку“ азакәани раҧыхра ҳазыҧшуп, уи раҧхьатәи дыргахоит, ҳара Евроеидгылахь зхы рхоу Қырҭтәыла амҩа адгылара ҳазыхиоуп.
Ҳара аиҳабыреи ареформақәеи мацараз акәымкәа, атәылауаҩратә уаажәларразгьы афинанстә пакетқәа ирмазеины иҳамоуп. Макьана акгьы хыркәшам ҳәа ҳгәы иаанагоит, Европарламент адгыларала, наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ацхраара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит“, – илҳәеит Марта Кос.
Марта Кос арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар иҭыҧ аанылкылоит Оливер Варҳеи ицынхәрас. Варҳеи агәабзиарахьчара акомиссарс дҟарҵар ҟалап.