ЕАШ аҳәынҭҟарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Саудтәи Аравиа даҭааит. ЕАШ аделегациа иалоуп амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Аҩны шкәакәа абжьагаҩ Маик Уолц, Ааигәа мрагылараҿ ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Стив Уиткофф
Жәабран 18 рзы Украина ицо аибашьра азҵааразы америкатәи урыстәылатәи ачинуаа реиԥылара мҩаԥгахоит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Дональд Трамп Урыстәыла ахада Владимир Путин ҭелла диацәажәан, иадминистрациа алахәылацәа аибашьра азҵааразы аиҿцәажәарақәа ралагара идиҵеит.