Марко Рубио – Дональд Трамп иадминистрациа хықәкыс иамоуп Украина аибашьра ахыркәшара, шықәсқәак рышьҭахь аибашьра еиҭаламгарц азыҳәан
Дональд Трамп иадминистрациа хықәкыс иамоуп Украина аибашьра ахыркәшара, шықәсқәак рышьҭахь аибашьра еиҭаламгарц азыҳәан. Америка аҳәынҭқарратә маӡагныҟәгаҩ ари аҳәамҭа ҟаиҵеит CBS Mornings аинтервиу аҿы.
«Аибашьра хыркәшатәуп. Америка аполитика аибашьра ахыркәшарахь ахы рхоуп. Ҳара аибашьра ахыркәшара мацара акәӡам хықәкыс иҳамоу, избанзар, шықәсқәак рышьҭахь аибашьра еиҭалагар ауеит. Ҳара аҭышәынәталара аиқәыршәароуп иаҳҭаху», — иҳәеит Рубио.
Иара убас, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ишазгәеиҭаз ала, уажәы Украина, ахатә енергетикатә система ахарџьла, ахә ду ашәара ақәшәоит, ауаа рацәа ҭахеит, миллионла украинаа ртәыла иқәҵны аҳәаанырцә анхара рықәшәеит.
Марко Рубио игәаанагарала, ауааҧсыра зегьы Дональд Трамп Америка ахадас иалхра иақәгәырҕьроуп, избанзар, иара адунеи зехьынџьара аҭынчра ашьақәыргылареи аимакқәа рҵыхәҧҵәареи иҭахуп.