Маркета Пекарова-Адамова - Чехиеи, Словакиеи, Австриеи Евроеидгылеи НАТОи рахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит, Қырҭтәыла Европа иаҵанакәеит, ари атәыла аҧеиҧш Европаҿоуп иахьыҟоу
Маркета Пекарова-Адамова - Чехиеи, Словакиеи, Австриеи Евроеидгылеи НАТОи рахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит, Қырҭтәыла Европа иаҵанакәеит, ари атәыла аҧеиҧш Европаҿоуп иахьыҟоу

«Чехиеи, Словакиеи, Австриеи – Қырҭтәыла иреиҕьу аҩызцәа иреиуп, ҳара Евроеидгылеи НАТОи рахь Қырҭтәыла алалара ҳадгылоит», — илҳәеит Чехиа апарламент ахантәаҩы  Маркета Пекарова-Адамова.

Лара ишылҳәаз ала,  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аилагара ҟалом.  Маркета Пекарова-Адамова лгәаанагарала, Урыстәыла Қырҭтәылеи Молдовеи Украинеи рҿы иҟанаҵо зегьы закәандароуп.

«Иара убас, Урыстәылаҟа ацҳамҭа ҳашьҭыр ҳҭахуп, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аилагара шыҟамло еилыркаароуп, уи жәларбжьаратәи зин аилагароуп.  Урыстәыла Қырҭтәылеи Молдовеи Украинеи рҿы  иҟанаҵо зегьы закәандароуп», — илҳәеит Чехиа апарламент ахантәаҩы.