Маркета Грегорова – Сара аоппозициаа апарламентаҿ ирыхәҭоу аҭыҧқәа ааныркыларц ирыбжьазгоит
Иаабаз зегьы иазҧхьагәаҭаны, алхрақәа проблемада, иаартны, ииашаны имҩаҧган ҳәа аҳәара уадаҩуп. Ҳаҧхьаҟагьы аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәа ҳрыцклаҧшуеит, ҷыдала Аконституциатә аӡбарҭеи аоппозициатә партиақәа рқәиҭымтәреи аганахьала, – илҳәеит Европарламент алахәыла Маркета Григорова.
Лара лажәақәа рыла, зегьы рыхшыҩ азышьҭны, аиҳабыра ҿыц иҟарҵо ашьаҿақәа ирыцклаҧшуеит.
„Акандидат астатус иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп – аиҿцәажәарақәа раанкылара иазкны рашәарамзазы ирыдыркылаз аӡбара аанрыжьып ҳәа сгәыҕуеит. Ҳәарада, ҳазынтәгьы,
ҳахшыҩ азышьҭны, аиҳабыра ҿыц иҟарҵо ашьаҿақәа ҳрыцклаҧшуеит. Сара сиуристым, ақырҭуа азакәанҧҵара инақәыршәаны ишахәҭоу сыздырӡом, аха, аоппозициаа ирыбжьазгар сҭахуп ауаа рацәа рыбзоурала апарламентаҿ ироуз аҭыҧқәа ааныркыларц. Аусуразы алшара иҟам ҳәа ирыҧхьаӡар, нас рҭыҧқәа аанрыжьыр рылшоит, аха, аусура рҽазыркып ҳәа сгәыҕуеит“, – илҳәеит Грегорова.