Маркета Грегорова - Акомиссиа ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы «Ақырҭуа гәахәтәы» еиқәдыршәаз аплан збеит, аплани аполитикатә ҭаххареи рыҟазаара сеигәырҕьоит
«Акомиссиа ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы «Ақырҭуа гәахәтәы» еиқәдыршәаз аплан збеит, аплани аполитикатә ҭаххареи рыҟазаара сеигәырҕьоит», — илҳәеит Европарламент адепутат Маркета Грегорова. Адепутат лҳәамҭа аланарҵәеит ателееилахәыра «Имеди».
«Крызҵазкәа раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Акомиссиа ишьақәнаргылаз 12 пунктқәа рынагӡаразы «Ақырҭуа гәахәтәы» еиқәдыршәаз аплан збеит, аплани аполитикатә ҭаххареи рыҟазаара сеигәырҕьоит. Ари аплан аҿы аоппозициааи атәылауаҩратә сектори рылахәызаара иазҧхьагәаҭоуп, уигьы даараӡа исгәаҧхеит. Аплан анагӡара апроцесс аҿы ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит. Аганқәа зегьы аусеицура рыбжьазгоит. Ақьаад иану аплан бзиоуп. Аоппозициаагьы аплан анагӡара иазыхиазароуп, мамзар, уи ақьаадаҿы иаанхоит, сара уи збар сҭахым», — илҳәеит Европарламент адепутат.