Марк Руте - Иҳаҩсыз ашықәс азы Украинеи Молдовеи акандидат статус ранашьаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Қырҭтәыла шьаҿак ала шьҭахьы иаанхоит
Марк Руте - Иҳаҩсыз ашықәс азы Украинеи Молдовеи акандидат статус ранашьаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Қырҭтәыла шьаҿак ала шьҭахьы иаанхоит

Иҳаҩсыз ашықәс азы Украинеи Молдовеи акандидат статус ранашьаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Қырҭтәыла шьаҿак ала шьҭахьы иаанхоит, – иҳәеит Нидерланды аԥыза-министр Марк Руте Бриуссель Евроеидгыла асаммит иалагаанӡа.

Руте иажәақәа рыла, Евроеиидгыла алаларазы ишьақәыргылоу аетапқәа ахыстәуп.

„Ари амҩаҿ ишьақәгылоуп иҳәаақәҵоу аетапқәа. Украина иҟанаҵо рацәоуп. Евроеидгыла Украина иахьыҟоу аетап ахәшьара анаҭароуп“, – иҳәеит Марк Руте.

Нидерланды аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, Евроеидгыла алаларазы шықәсқәак раԥхьа ирыдыркылаз амҩатә хсаала иҟоуп.

“Евроеидгыла аҩнуҵҟа ишьақәгылоуп аетапқәак, амҩатә хсаала, уи шықәсқәак раԥхьа шьақәгылан, Украина уажәы ари амҩаҿ иҟоуп”,- иҳәеитНидерланды аԥыза-министр.