Марк Клеитон – Британиа Ду жәларбжьаратәи апҟарақәеи,  адемократиеи ахақәиҭрақәеи ахыхьчоу адунеи иадгылоит
Марк Клеитон – Британиа Ду жәларбжьаратәи апҟарақәеи,  адемократиеи ахақәиҭрақәеи ахыхьчоу адунеи иадгылоит

 

Иахьа ауаҩытәыҩса изинқәа жәларбжьаратәи амш азгәаҳҭоит. Адекларациа анапаҵаҩра ашьҭахь 75 шықәса анҵы,  Британиа Ду жәларбжьаратәи апҟарақәеи,  адемократиеи ахақәиҭрақәеи ахыхьчоу адунеи иадгылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон.

Иара иажәақәа рыла, Британиа Ду иҟанаҵо зегьы шьаҭас иамоуп иаарту ауаажәларреи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи апринципқәа.

«Ҳара Қырҭтәыла  азинқәеи ахақәиҭрақәеи зегьы пату рықәҵара аиқәыршәаразы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩцәеи,  ЛГБТК+ ауаажәларреи, амилаҭтә аиҵарақәеи, арелигиатә лидерцәеи аус рыцаауеит.  Жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Британиа Ду ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара аганахьала еснагь аҧхьагылара аман. Ҳара ҳпартниорцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩцәеи, иара убас, аиҳабыреи апарламенти аус рыцура наҳагӡоит ауаҩытәыҩса изинқәа еилазго ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵаразы. Ҳаидгыланы, агрессиа ҳаиааиуеит, иаҳа ииашоу, зхы иақәиҭу адунеи аҧҵара ҳацхраауеит», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.