Марина Калиуранд – Ауаа аполитикатә аиҿагылареи аполиаризациеи иарааҧсеит, абри ауп алхрақәа рыцклаҧшраан ақырҭуа жәлар рҟынтә еилыскааз
«Ауаа аҭынчреи аҭышәынтәалареи ауп ирҭаху, есымша ирызцәырҵуа апроблемақәа рҭыҧқәҵара ауп изызҿлымҳау», — илҳәеит Европарламент аделегациа алахәыла Марина Калиуранд Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.
«Сара анапхгаратә гәыҧгьы аоппозициагьы ирыдгыло ауааҧсыра срацәажәон. Ауаа ишырҳәо ала, даараӡа иааҧсеит. Аполитикатә аиҿагылареи аполиаризациеи иарааҧсеит. Абри ауп алхрақәа рыцклаҧшраан ақырҭуа жәлар рҟынтә еилыскааз. Ауаа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҭахуп, есымша ирызцәырҵуа апроблемақәа рыӡбара иазҿлымҳауп. Қырҭтәыла – Евроеидгыла апартниор ауп. Ҳара адемократиатә реформақәа рымҩаҧгараҿы ҳшәыцхраауеит. Атәыла адемократиатә амҩа иахысаанӡа, ҳшәыдгылоит, аха, уажәы, аполиткиатә мчқәа зегьы ирыбжьазгар сҭахуп, рпартиатә интересқәа аҧыжәара рымҭакәа, атәыла аҧеиҧш иазхәыцырц, атәыла дырҭынчырц, ауаа изыргәамҵуа азҵаарақәа аус рыдулара нарыгӡарц. Аекономика, акоронавирус, адемократиатәи аконституциатәи реформақәа, аӡбратә система, алхратә кодекс, уҳәа, макьана иҟаҵатәу рацәоуп », — илҳәеит Марина Калиуранд.