Мариам Қвривишвили Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ миллионтәи аныҟәаҩ диҧылеит
Мариам Қвривишвили Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ миллионтәи аныҟәаҩ диҧылеит

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ, шықәсык аҩныҵҟала миллионтәи аныҟәаҩ иҧылеит. Аекономика аминистрра апрессмаҵзура адыррала,   миллионтәи апассаџьыр Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазашҟа дааит авиаеилахәыра  WizzAir  инанагӡоз ареис  Франкфурт – Қәҭешь  ала. Аҭыҧаҿ апассаџьыр иҧылеит Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Мариам  Қвривишвилии,  Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидҵара адиректор Иракли Қарқашиӡеи, Атуризм амилаҭтә администрациа анапхгаҩы Маиа Омиаӡеи.

„Ауснагӡатә ахәҭа хада мҩаҧган абагаж аҭаратә қәыҧшылараҿы. Абагажтә цәаҳәаҿы ицәырҵит   миллионтәи апассаџьыр  Питер Гоеҭзингер изы ҷыдала ирмазеиз ачемодан, уи иҭан еиуеиҧшым аҳамҭақәа“, –  иануп Аекономика аминистрра адырраҿы.