Мариам Қвривишвили – Казахстантәи атуристцәа рхыҧхьаӡара ацлара иадҳәаланы, авиаеилахәыра Air Astana даҽа реиск ацнаҵоит Атырау-Қарҭ амаршрутла
Лаҵара 27 инаркны казахстантәи авиаеилахәыра Air Astana Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ ахырхарҭа ҿыц аанартуеит, ари авиаеилахәыра мчыбжьыкахь хынтә Атырау аҟынтә Қарҭҟа ареисқәа рынагӡара иалагоит.
2024 шықәсазы Қырҭтәыла иаҭааит 178 930ҩык казахстантәи атуристцәа.
Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра адыррақәа рыла, авиаеилахәыра Air Astana Ацентртә Азиаҿ идуӡӡоу авиаеилахәырақәа иреиуп, аҧхынраз ари авиаеилахәыра, мчыбжьыкахь жәынтә Алматы-Қарҭ ишиашо ареисқәа мҩаҧнагоит.