Мамука Мдинарадзе – Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа
Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа, – иҳәеит апарламентаҿ анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе.
Иара Қырҭтәыла Жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә палата анапхгаҩы Фади Асли иҳәамҭа дахцәажәеит. Асли иҳәеит: «Иаҳҳәап, Урыстәыла Иванишвили ажәа ирҭеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи шдырхынҳәуа азы. Ақырҭуа цыҧхьаӡа ихы дазҵаароуп, иара асепаратисттә 2 регионк ирхынҳәны наӡаӡа атәраҿы анхара иҭахума, мамзаргьы, абарҭ арегионқәа рыда, ихы дақәиҭны, Евроеидгылаҿ аҟазаара еиҕьеишьоу? »
Мдинараӡе иҳәамҭала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәыла иазыхынҳәуеит, наҟ-наҟтәи аперспективақәа абри аконтекст мацараҿ ирыхәаҧшуеит.
«Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә ҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа. Ақырҭуа цыҧхьаӡа, Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа уи игәникылароуп. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәыла иазыхынҳәуеит, наҟ-наҟтәи аперспективақәа абри аконтекст мацараҿ ҳрыхәаҧшуеит, », — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.