Мамука Мдинараӡе – Венециатәи акомиссиа европатәи апрактика иашьашәамло абжьагара ҳнаҭар, ҳара абри аҩыза абжьагара ҳақәшаҳаҭхом   
Мамука Мдинараӡе – Венециатәи акомиссиа европатәи апрактика иашьашәамло абжьагара ҳнаҭар, ҳара абри аҩыза абжьагара ҳақәшаҳаҭхом   

«Венециатәи акомиссиа европатәи апрактика иашьашәалам абжьагара ҳнаҭар, ҳара абри аҩыза абжьагара ҳақәшаҳаҭхом», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер  Мамука Мдинарадзе.

«Ишыҟазаалакгьы, ари атема иаркуп.  Қырҭтәыла иҟоу атәымуаа  ақырҭуа напхгара рыламысра гәарҭом,  уи иҟамлаша усуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламенттә аиҳара алидер   Мамука Мдинарадзе  аветтинг асистема даналацәажәоз.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, дара ари азҵааразы рколлегацәа рацәажәара иазыхиоуп.

«Ишыҟазаалакгьы, ари атема иаркуп.  Қырҭтәыла иҟоу атәымуаа  ақырҭуа напхгара рыламысра гәарҭом,  уи иҟамлаша усуп.  Ҳара ари азҵааразы ҳколлегацәа рацәажәара ҳазыхиоуп.  Зегьы еилыркаароуп атәыла ахьыҧшымра абас аҽалагалара шыҟамло. Иҟалом. Аконституциа аилагаразы абри аҩыза ааҧхьара ҳзақәшаҳаҭхом», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.