«Доусу изакәытә администрациоу игәаҧхо акәӡам аус злоу. Трамп далырхыр, аибашьра хыркәшахар ҟалап», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.
«Трамп далырхыр, аибашьра хыркәшахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Убасҟан Қырҭтәылагьы даҽала иазныҟәо иалагоит. Ҳтәыла анапхгарагьы ақырҭуа жәларгьы абри ауп ирҭаху. Ҳтәыла аибашьра аҽалагара ашәарҭара иҭагылом. Убри азоуп «Ақырҭуа гәахәтәы» хымҧада аиааира агароуп ҳәа заҳҳәо. Қырҭтәыла анапхгара аҧсахра ҟалом. Ҳаҧхьаҟа, аибашьра анхыркәшалак, иаҳа ирласны аҿиара наҳагӡоит. Евроинтеграциа апроцесс аҿгьы, уаҟа ақәҿиарақәа зегьы «Ақырҭуа гәахәтәы» иабзоуроуп», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.