Мамука Мдинараӡе – Сара агәра ганы сыҟоуп Иванишвили атәыла ахадас дшыҟамло, иара амаҵзураҭыҧ интересс имам, ианаамҭаз уи шьақәирҕәҕәеит, иара аҧсадгьыл ауп интересс имоу
Мамука Мдинараӡе – Сара агәра ганы сыҟоуп Иванишвили атәыла ахадас дшыҟамло, иара амаҵзураҭыҧ интересс имам, ианаамҭаз уи шьақәирҕәҕәеит, иара аҧсадгьыл ауп интересс имоу

Апарламенттә аиҳара алидер  Мамука Мдинараӡе игәаанагарала, Биӡина Иванишвили атәыла ахадас дҟалар иҭахым.

Ажурналистцәа Мдинараӡе иазҵааит Биӡина Иванишвили асиаҿ актәи аҭыҧаҿ дзықәдыргылеи, иара атәыла ахада иҭыҧаз кандидатс дықәдыргылома  ҳәа.

Мдинараӡе абас аҭак ҟаиҵеит.

«Агәра ганы сыҟоуп иара атәыла ахадас ишыҟамло. Аполитикашҟа иааиз, аконкреттә арыцхә зҳәаз, ианаҭахыз аполитика иалҵыз, нас ихынҳәыз ауаҩы,  Биӡина Иванишвили амаҵзураҭыҧ зиҭахи. Иара изакәызаалак амаҵзураҭыҧ интересс имам», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе ишазгәеиҭаз ала, жьҭаара  26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа аҵакы ҷыда рымоуп, убри азоуп апартиа алахәылацәа Биӡина Иванишвили актәи аномерс дықәдыргыларц зырыӡбаз.

«Арҭ алхрақәа аҵакы ҷыда рымоуп, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы, ҳаиқәшаҳаҭны иҳаӡбеит асиаҿы Биӡина Иванишвили актәи аномерс дықәҳаргыларц, иаргьы дақәшаҳаҭхеит. Уажәы ҳазынтәгьы, ҳусқәа зегьы кажьны, аҩны ҳтәар, аконституциатә аиҳара ҳауам. Абжьааҧнытә аиҳара аиура акәӡам проблемас иҟоу, уи проблемаӡам, ҳара аконституциатә аиҳара аиуроуп иаҳҭаху. Ааи, убри азоуп иара актәи аномерс дзықәҳаргылаз, аконституциатә аиҳара аиуразы, ари атәылаҿ аҭынчреи, аҳаҭыри, мышхәыбзазареи аиқәыршәаразы, убри ала Евроеидгыла алаларазы», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.