Мамука Мдинараӡе – Саломе Зурабишвили лҩыза Макрон акритика ҕәҕәа изылурц лыбжьазгоит, иара, ихатә инициативала Биӡина Иванишвили дахьиацәажәаз азыҳәан
Саломе Зурабишвили лҩыза Макрон акритика ҕәҕәа изылурц лыбжьазгоит, иара, ихатә инициативала Биӡина Иванишвили дахьацәажәаз азыҳәан, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
„Аиашаз, дара уи ҟарҵар рылшоит, аха, ҳара агәыҕра ду ҳамоуп ииашамкәа ишҳазныҟәогьы, ацивилизациатә дунеиаҿ ихьыҧшым атәыла аиҳабыреи, апартиа ашьаҭакҩы, анапхгара егьырҭ ахаҭарнакцәеи ирацәажәаша ауаа шыҟоу“, – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.
Иахьа, Франциа ахада иинициативала, «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвилии Еммануел Макрони ҭелла еицәажәеит. Ари атәы аанацҳаит «Ақырҭуа гәахәтәы».
«Ақырҭуа гәахәтәы» адыррақәа рыла, Макрон иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа дшаргәамҵуа, аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара апроцессаҿ алагала ҟаиҵар шиҭаху.
Биӡина Иванишвили Франциа ахада ари аинициативазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, азеиҧш ҽазышәарақәа ридеиа дшақәшаҳаҭу иеиҳәеит.
Иванишвилии Макрони ишеиқәшаҳаҭхаз ала, иааиуа амшқәа рзы еиҭах еиҿцәажәаны, иахьатәи реиҿцәажәара иахылҵыз алҵшәақәа ахәшьара рырҭоит.
Аиҿцәажәара сааҭк инагӡон.