Мамука Мдинараӡе  - Саломе Зурабишвили лара илыдгылаз ауаа рпозициа иатәалбом
Мамука Мдинараӡе  - Саломе Зурабишвили лара илыдгылаз ауаа рпозициа иатәалбом

«Иахьа Қырҭтәыла апарламентаҿ атенденциатә ажәахә ҳазыӡырҩит, сара заҵә сакәӡам ус згәы иаанаго», — иҳәеит апарламенттә фракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Мамука Мдинараӡе апарламент аилатәараҿы, иахьа уаҟа атәыла ахада есышықәсатәи ахәажә ала дықәгылон.

Мамука Мдинараӡе Евроеидгыла алаларазы астатус иазкны атәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит:

«Арадикалтә оппозициаа ҳтәыла ари астатус аиур рҭахым, избанзар,  уи ҿыҵгас иҟаҵаны, Қырҭтәыла анапхгара рыҧсахра ауп ирҭахуп.  Шәара шәпозициа абарҭ ахықәкқәа ирыдҳәалаӡами. Европа ахаҭа иазханаҵеит ҳара астатус ҳаҭара шахәҭаз, аха, шәара аҳәара шәаҿуп ҳтәыла ари астатус иахәҭамызт ҳәа. Иахьагьы ишәҳәеит Қырҭтәыла ари астатус ахәҭам ҳәа. Арадикалтә оппозициеи шәареи шәхықәкқәа еиҧшӡами.  Ажәлар  адҵак ҳарҭеит – ацәгьареи амчылареи ҳҭахымы, Амилаҭтә ҵысра ҳҭахым ҳәа ҳарҳәеит.

Нас, ак сшәазҵаар сҭахуп.  Шәара ишәыдгылаз ауааҧсыра рпозициа иатәажәбом, егьи аганахьала, агент ҳәа шәзызҳәоз, ҳтәыла иаҿагыло ауаа рнарратив иаҳа ишәырҕәҕәоит, уи иаанагои, угәы иалсратәы иҟоуп»,  — иҳәеит  Мдинараӡе.