Мамука Мдинараӡе - Саакашвилии, Гварамиеи, Хазараӡеи, Гахариеи - мчык напхгара азызуа агентцәа роуп
Мамука Мдинараӡе - Саакашвилии, Гварамиеи, Хазараӡеи, Гахариеи - мчык напхгара азызуа агентцәа роуп

Саакашвилии, Гварамиеи, Хазараӡеи, Гахариеи – мчык напхгара азызуа агентцәа роуп. Ҳажәлар ирдыруазароуп – урҭ ирырҭо абжьы цыԥхьаӡа ҳҭынчреи, ҳԥеиԥши, ҳтәылеи ашәарҭа ишҭаднаргыло, — иҳәеит афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Мамука Мдинарадзе.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, ажәлар агентцәеи рхатә тәыла аинтересқәа зыхьчо аполитикцәеи излаеиԥшым ибзаӡан ирбоит, ибзианы ирдыруеит ашкәакәеи аиқәаҵәеи иаанаго. Аха иконкрету афактҵәагьы ирхамыршҭроуп.

Мамука Мдинараӡе ишазгәеиҭаз ала, “Амилаҭтә ҵысра” арежим ариашара ҟалом, аха арҭ ахаҿқәа шьаҿа-шьаҿала ртәыла иаҿагыланы аус зуа агентуратә авантиура, ацәгьоурақәа иаларгалон.

“2003 шықәсазы Саакашвилии ибандеи ирыздырӡомызт цәгьахәыцрылатәи, аԥырхагатәи дҵақәа рынагӡара шрықәшәоз. Ари “Амилаҭтәҵысра” арежим ахьырхәра апроцесс аҿы рыцәгьоура  зырмарио аҭагылазаашьаны иҳаԥхьаӡар ҟалап. Сакашвилии Нварамиеи рполитикатә коллаборациа ауааԥсыра рҟынтә анажьра аиуам. Урҭ ранпхага изызуа амчқәа хқәкы хадас ирымоуп зыхьӡ ԥхасҭахаз “Амилаҭтә ҵысра” анҭыҵ аполитикатә амч ҿыц аиҿкаара, аха ажәлар ржьара уаҳа́ирылшом”, – иҳәеит Мдинараӡе