Мамука Мдинараӡе – Қырҭтәыла  зегьы амилаҭтә аизга зеиҧшҟамлац аиааира ианазгәарҭоу аамҭазы, «Амилаҭтә ҵысра» Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аҟынтә Қырҭтәыла алцара аинициатива иқәдыргылеит
Мамука Мдинараӡе – Қырҭтәыла  зегьы амилаҭтә аизга зеиҧшҟамлац аиааира ианазгәарҭоу аамҭазы, «Амилаҭтә ҵысра» Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аҟынтә Қырҭтәыла алцара аинициатива иқәдыргылеит

«Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы ачарҳәара ҷыда ахроника иалагеит  2008 шықәсатәи еибашьра анеҩс ҩымз рышьҭахь, ақырҭуа аруаа аибашьра алагара зхаразҵоз арезолиуциа анапаҵаҩрала.   Қырҭтәыла  зегьы амилаҭтә аизга зеиҧшҟамлац аиааира ианазгәарҭоу аамҭазы,  иаци иацжәаци,   убрааҵәҟьа  «Амилаҭтә ҵысра» Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аҟынтә Қырҭтәыла алцара аинициатива иқәдыргылеит. Аха,  ари аинициатива иашьашәалоу апроект ианымлеит», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Мамука Мдинараӡе апарламентаҿ данықәгылоз.

Мдинараӡе ишиҳәаз ала, аоппозициаа  жәларбжьаратәи ауаажәларраҟынтә  Қырҭтәыла аизолиациа рҽазыркит, нас, абри зегьы атәыла анапхгара ирхарарҵар рҭахуп.  Иара иажәақәа рыла,   «аоппозициатә АИХқәа,  Европа Ахеилак аҿы аоппозициаа иқәдыргылаз аинициатива хықәкыла иалацәажәом».

«Дара 3-4  ателееилахәырақәа рымоуп, аобиективтә АИХқәа зегьы ари аинформациа иалацәажәон, аха, ажәак рҳәама?  Уажәы, сықәгылара ашьҭахь, иҟарҵо сыздырӡом, аха, иахьа уажәраанӡа  рмедиахархәагақәа рҿы абри зеиҧшҟамлац ачарҳәара иазкны жәакгьы рымҳәацт. Дара ринициативала Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамбелиа арезолиуциаҿы Апарламенттә Ассамблеиа аҟынтә Қырҭтәыла алцара азҵаара иқәдыргылар акәын.  Аоппозициаа жәларбжьаратәи ауаажәларраҟынтә  Қырҭтәыла аизолиациа рҽазыркит, нас, абри зегьы атәыла анапхгара ирхарарҵар рҭахуп,», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа Қырҭтәыла иазкны арезолиуциа рыдыркылеит.  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа Европа Ахеилак аҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҧкра иаҳәеит, аха, дара ринициатива Европа Ахеилак арезолиуциа ианымлеит.