Мамука Мдинараӡе - Қырҭтәыла ахаангьы атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иаку Қырҭтәыла аидеиеи гәҩарас иҟанаҵом, уи хымҧада инагӡахо ҳқырҭуа гәахәтәуп
Қырҭтәыла ахаангьы атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иаку Қырҭтәыла аидеиеи гәҩарас иҟанаҵом, уи хымҧада инагӡахо ҳқырҭуа гәахәтәуп! Азхаҵара уҳәа, амилаҭтә интересқәа ирышьашәалам зҵааракгьы ҳалацәажәом – иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе аоппонентцәа иаладырҵәаз аинформациа иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз. Ари аинформациа инақәыршәаны, анапхгаратә партиа атәыла «аидҵара» ргәы иҭоуп Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи «рхьыҧшымра» азхаҵара ала.
Мдинараӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ахаангьы атәыла акзаара гәҩарас иҟанаҵом, иара убас, аконфедерациатә аилазаашьагьы иақәшаҳаҭхом.
Мдинарадзе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара адеокупациа мҩаҧыргоит аҭынчреи, аҿиареи, аинаалареи, аибанажьреи мацарала.