Мамука Мдинараӡе  - Михаил Ҟавелашвили агарантиа ҳаиҭоит  уажәшьҭарнахыс Қырҭтәыла ахада атәым тәылақәеи агәыҧқәеи ринтересқәа дышрықәымныҟәо  азы
Мамука Мдинараӡе  - Михаил Ҟавелашвили агарантиа ҳаиҭоит  уажәшьҭарнахыс Қырҭтәыла ахада атәым тәылақәеи агәыҧқәеи ринтересқәа дышрықәымныҟәо  азы

«Миша Ҟавелашвили — дқырҭуоуп — агенетика мацарала акәымкәа, ҩныҵҟалагьы, Миша Ҟавелашвили ҽакала аӡәгьы дзихцәажәом», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе Қырҭтәыла ахада иҭыҧаз акандидат данихцәажәоз.

Мдинараӡе иҳәамҭала,  Михаил Ҟавелашвили агарантиа риҭоит  уажәшьҭарнахыс Қырҭтәыла ахада атәым тәылақәеи агәыҧқәеи ринтересқәа дышрықәымныҟәо азы.

«Араҟа агха зыҟалом,  иара Аҧсадгьыл амаҵ иуеит. Иҟазшьақәа ҳрыхәаҧшыр, агарантиа ҕәҕәа ҳамоуп. Сара  1000 наӡынала агәра ганы сыҟоуп абарҭ сажәақәа ахаангьы шьҭахьҟа ргара сшықәымшәо», — иҳәеит Мдинараӡе.