Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, адетальқәа рылацәажәара ашьҭахь, апарламенттә аиҳара Украинаҟа ацара иазыхиоуп
Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, адетальқәа рылацәажәара ашьҭахь, апарламенттә аиҳара Украинаҟа ацара иазыхиоуп

Афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы  Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, адетальқәа рылацәажәара ашьҭахь, апарламенттә аиҳара Украинаҟа ацара иазыхиоуп.

«Ҳара ари азҵаара ҳахәаҧшхьеит, иахьоума, уаҵәоума, апротокол инақәыршәаны ари азҵаара анырыӡбалак,  апарламенттә аиҳара Украинаҟа ацара иазыхиоуп», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.

Аамҭакала,  Мдинараӡе, Шьалуа Папуашвили Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы иҟынтә иоуз ааҧхьаразы иҟаиҵаз аҭакгьы дазааҭгылеит. Мдинараӡе ишиҳәаз ала, украинатәи аган Папуашвили ишәҟәы аҟны иазгәаҭаз  зҵааракгьы аҭак арымҭеит.

«Рыцҳарас иҟалаз,  аиҩызаратә тәылантә  изакәызаалак ҭакк ҳмоуит, дара, шьаҭада, цқьа игәамҭакәа, абри аҩыза ахарадҵарақәа зықәдыргылаз ҳзеилкаауам. Рыцҳаражәҳәаҩ изиҧхьаз еилкаам, избанзар, Қырҭтәыла, зеиҧҟамлац ала  Украина иацхраауеит, уи адагьы, жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы аполитикатә ганахьалагьы зеиҧшҟамлац ала Украина ҳадгылоуп. Абарҭ азҵаарақәа зегьы рзы аҭак ҳмоуӡацт, абри ауп Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ивизит зхьыҧшу. Иаргьы ари аганахьала изакәызаалак проблемак имам», — иҳәеит Мамука Мдиараӡе.