Мамука Мдинараӡе  - Иахьа Михаил Ҟавелашвили  Қырҭтәыла ахадас далхзаауеит
Мамука Мдинараӡе  - Иахьа Михаил Ҟавелашвили  Қырҭтәыла ахадас далхзаауеит

Ишаабо еиҧш, ҳоппонентцәа имааит, убри аҟынтә, иахьа  Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла ахадас далхзаауеит, — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Мамука Мдинараӡе.

Иара иажәақәа рыла, Михаил Ҟавелашвили дпрофессионалатә политикуп.

«Раҧхьа иргыланы, акритери хада  —  иарбанзаалак командак адгылара акәымкәа, ахатә Аҧсадгьыл амҧсахра ауп.  Михаил Ҟавелашвили ари аҟазшьа имоуп. Иара убас, иара дпрофессионалтә политикуп. Иахьа ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара идгылоит, избанзар, ақырҭуа жәлар иалырхыз анапхгара, иашьашәалоу алегитимра инақәыршәаны, Қырҭтәыла ахада  далырхуеит», — иҳәеит  Мдинараӡе.