Мамука Мдинараӡе – Ҳфырхацәа иаку Қырҭтәыла аидеиа рхы ақәырҵеит, ари аиедиа анагӡаразы аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟны аинаалара ду аҭахуп, аинаалара ду аҭамзаара ашьҭаҵарада изыҟалом
Ҳфырхацәа иаку Қырҭтәыла аидеиа рхы ақәырҵеит, ари аиедиа анагӡаразы аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟны аинаалара ду аҭахуп, аинаалара ду аҭамзаара ашьҭаҵарада изыҟалом, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.
Мдинараӡе иҳәамҭала, аимак аҭыҧқәҵаразы ҩ-мҩак иҟоуп – аибашьреи, аибанажьреи, „Ақырҭуа гәахәтәы“ аибанажьра амҩа иазыразуп.
„Атәыла акзаареи, аибанажьреи, аинаалареи иаҿагыло ауаа ирҳәо цқьа иазхәыцроуп, амц зырҳәои ауаа зшьо, изыргәаҟуа ампыҵахалаҩ иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҵуп ҳәа аӡәыр иҳәазшәа. Ҳара иҳаӡбароуп, аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳашьцәеи ракәу, мамзаргьы, абарҭ хымш рыҩныҵҟа ҳоппонентцәа ишырҳәо ала, ацәгьауцәа ракәу. Ааи, ауаҩы дызшьуа, дзыргәаҟуа ахара идуп. Михаил Саакашвили дышқырҭуоу еиҧшцәҟоуп абарҭ ацәгьауцәа ишыҧсыуаау, ишуаҧсаау. Атәыла аидҵара аидеиеи иаку Қырҭтәыла аидеиеи анагӡаразы аполитикатә агәыҕьра дуи афырхаҵареи аҭахуп. Аибанажьразы иаҭахызар, аҭамзаара ашьҭаҵарагьы фырхаҵароуп“ – иҳәеит Мдинараӡе.