Мамука Мдинараӡе - Евроеидгыла анапхгара «Амилаҭтә ҵысра» рхатә тәылауаа ишрызныҟәоз, акгьы зхарамыз ауаа ишхьдырхәоз еиҧш Қырҭтәыла иазныҟәом ҳәа ҳгәыҕуеит
«Евроеидгыла анапхгара «Амилаҭтә ҵысра» рхатә тәылауаа ишрызныҟәоз, акгьы зхарамыз ауаа ацәгьаурақәа рхараҵаны ишхьдырхәоз еиҧш Қырҭтәыла иазныҟәом ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе.
Евроеидгыла абиурократиа Қырҭтәыла анапхгара ииашамкәа ак рхарарҵозар, асанкциақәа абжьааҧнытә усуп, аха, асанкциақәа ракәӡам проблемас иҟоу, ахарадҵара ауп.
«Қырҭтәыла иҟанамҵаз ахарарҵоит, уи ухахьы иузаагом. Есымша аобиективтә реитингқәа цәырыргоит, адемократиатә параметрқәа зегьы рыла Қырҭтәыла ҧхьаҟацара иаҿуп, аха, ахараҵаҩцәа рҳәамҭала, Қырҭтәыла шьҭахьҟа ицоит. Ҳтәыла асанкциақәа азышьақәыргылара ииашам. «Амилаҭтә ҵысра» рхаангьы абасҵәҟьа иҟан. Аамҭак иалагӡаны авизалиберализациа иалацәажәон, уажәы уи иаҟәыҵит, избанзар апиар азы атема ахархәара шыҟамло еилыркааит. Қырҭтәыла ма ачинҳаракҩык ихьырхәра ҳазыҧшым», — иҳәеит Мдинараӡе.