Мамука Мдинараӡе - Баиден иадминистрациа аланарҵәаз аҳәамҭа Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рызхаҵара акәын
Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала , ЕАШ ахада Џьо Баиден иадминистрациа аланарҵәаз аҳәамҭа Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рызхаҵара акәын.
Мдинараӡе иажәақәа рыла, ари аҳәамҭа иахҟьаны Хельсинктәи акомиссиа Баиден-Ҳаррис радминистрациа акритика рзыруит.
“Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Хельсинктәи акомиссиа ашаҳаҭгақәа аиуит, аха Қырҭтәыла аӡәгьы издырӡом иарбан ашаҳаҭгақәа ауп зыӡбахә ҳәоу. Ҳара, ма апрокуратура, ма иарбанзаалак аусԥшааратә усҳәарҭа ашҟа ирышьҭыроуп ма ауааԥсыра рызцәыргароуп арҭ ашаҳаҭгақәа. Ари аныҟарымҵа, Хельсинктәи акомиссиа ахатә тәыла ахадеи, Қырҭтәылеи раҳаҭыр ланарҟәоит, избан акәзар, ЕАШ ахада Џьо Баиден иадминистрациа аланарҵәаз аҳәамҭа Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рызхаҵара акәын”, – иҳәеит Мдинараӡе.
Аҩны шкәакәа Қырҭтәыла имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа инамаданы ЕАШ ахада Џьо Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит.