Мамука Мдинараӡе — Ажурналист иусураҿы иҧырхагахара – Ашьауҕатә закәанеидкыла ала иазҧхьагәаҭоу ацәгьауроуп, уи зегьы иазҧхьагәарҭароуп
«Сара ажурналистцәа русураҿы рҧырхагахара афактқәа сырзааҭгылар сҭахуп. Абри аҩыза афактқәа ажәлари аусеилыргаратә органқәеи рҟынтә ақәҿыҭра рымазароуп», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе.
Мдинараӡе иҳәамҭала, ажурналистцәа рзанааҭтә усураҿы рҧырхагахара ҟалом.
«Ажурналист иусураҿы иҧырхагахара – Ашьауҕатә закәанеидкыла ала иазҧхьагәаҭоу ацәгьауроуп, уи зегьы иазҧхьагәарҭароуп. Рыцҳарас иҟалаз, арадикалтә телемедиа ажурналистцәа рколлегацәа ианрықәыҕәҕәо, раҳаҭыр аныладырҟәо рбом, абри аҩыза афактқәа ҭынч ирыхәаҧшуеит. Дара рахь ааҧхьара ҟасҵоит абри аҩыза афактқәа раан акәзаргьы, аколлегиалра аарҧшны, рколлегацәа ирыдгыларц», — иҳәеит Мдинараӡе.