Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр,  2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит
Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр,  2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит

«Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр,  2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит», — иҳәеит афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Мамука Мдинараӡе.

Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхоу иқәлымхоу заанаҵы иузыҳәом.

«Ақырҭуа уааҧсыра реиҳара изыдгыло ахада-ҧҳәыс  уажәазы Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоу ахәҭаму илҳәаратәы ҳзыҟамҵеит. Нас, шәааи, амаца иқәаҳҧсап, Саакашвили ашьауҕа иқәылхоу иқәлымхоу? — Уи заанаҵы аӡәгьы изыҳәом. Ишыҟазаалакгьы,  атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа  иқәылхыр,  2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит», — иҳәеит  Мдинараӡе.