Мамука Мдинараӡе – Арадикалтә оппозициаа иаҳзеиҭарҳәааит европатәи арезолиуциақәа рнапы рыҵаҩра азин рызымҭо рыҧшәмацәа изусҭцәақәоу
Мамука Мдинараӡе – Арадикалтә оппозициаа иаҳзеиҭарҳәааит европатәи арезолиуциақәа рнапы рыҵаҩра азин рызымҭо рыҧшәмацәа изусҭцәақәоу

«Арадикалтә оппозициаа иаҳзеиҭарҳәааит европатәи арезолиуциақәа рнапы рыҵаҩра азин рызымҭо рыҧшәмацәа изусҭцәақәоу», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.

Мамука Мдинараӡе ишиҳәаз ала, «Евронест» Апарламенттә ассамбелиаҿы Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Мака Боҷоришвили  линициативала, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи Евроеидгылахь ралалара иазку арезолиуциа апроект ихиаалан. Иара иажәақәа рыла,  апроект аҿы иаҵшны иазгәаҭан  абарҭ атәылақәа Евроеидгылашҟа ралалара аҵаки Евроеидгылашҟа алалара иазку аиҿцәажәарақәа излауа ала ирласны ралагара ахымҧадареи.

«Аоппозициаа атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы адеструктивла рхы шымҩаҧыргогьы,  ҳара жәларбжьаратәи ҳрпартниорцәа даҽазнык идҳарбеит Евроеидгыла алалара азҵааразы ҳпозициақәа шеиҧшу», — иҳәеит  Мдинараӡе.