Мамука Мдинараӡе  - «Ақырҭуа гәахәтәы»   «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан архынҳәӡом
Мамука Мдинараӡе  - «Ақырҭуа гәахәтәы»   «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан архынҳәӡом

«Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала,    «Ақырҭуа гәахәтәы»  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан архынҳәӡом.

Мдинараӡе иахьатәи абрифинг аҿы ажурналист изҵаара аҭак аиҭеит.

«Мап. Шәара шәгәы иалсыргьы ҟалап, аха, ари азакәан ҳархынҳәӡом».

Мдинараӡе иҳәамҭала, аартызаара иазку азакәан иҟамзҭгьы, уажәы Русҭавели имҩаду аҿы жәанызқьҩыла ауаа гылазаауан.

«Аартызаара иазку азакәан интересс измоу ираҳаратәы исҳәар сҭахуп. Абри азакәан уажәы иалашәхызи, иаартны ишәасҳәоит. Раҧхьа иргыланы, уи шәара ишышәҳәо еиҧш, аурыс закәан акәымкәа, ақырҭуа закәануп.  Насгьы, шәааи, урыстәылатәи ма ақырҭуа ҳәа аҳәара ҳаҟәыҵып, дара амилаҭтә, ақырҭуа зегьы урыстәылатәуп ҳәа рҳәоит.  Европатәи аполитикцәа рацәагьы  атрадициатә, консервативтә ак рбар, абасоуп ишыҟарҵо, урыстәылатәуп ҳәа рҳәоит. Уи трендуп, ари атренд араагьы иҟоуп, аха, уи аҳәаақәа зегьы ирҭыҵит.

Аартызаара иазку азакәан ҳалацәажәозар, ҳажәлар иҳадымгылазҭгьы, иахьа Русҭавели имҩаду аҿы жәанызқьҩыла ауаа еизон. Дара ибзианы еилыркааит апротест ҧаршеи ала алҵшәа ҧаршеиқәа раиура шыҟамло.  Ақырҭуа жәлар реиҳара ари азакәангьы апропаганда ақәиҭымтәрагьы иадгылеит», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.