Мамука Мдинараӡе «Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәа дрыҳәеит Евроеидгыла аофис аҧхьа иҟоу аҵакырадгьыл аанрыжьырц
Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе Евроеидгыла аофис аҧхьа еизаз «Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәа дрыҳәеит ари аҵакырадгьыл аанрыжьырц.
Мдинараӡе ишиҳәаз ала, иарбанзаалак еиҿагыларак ҟалар, «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа дара ишрыхәаша ала уи рхы иадырхәоит.
Мдинарадзе иажәқәа рыла, иара ихаҭа апартиа адгылаҩцәа дрыҳәеит апровокациақәа ирықәнымҟәакәа, еилыҵырц.
Иахьа анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи рхаҭарнакцәа Евроеидгыла аофис аҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргеит.