Мамука Мдинараӡе - Апарламенттә оппозициаа рҟынтә Леван Иоселиани иҟаиҵаз ажәалагала ҳақәшаҳаҭуп, уи инақәыршаны, Аомбудсмен иалхра апроцесс иаартны имҩаҧгазароуп
Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамуки Мдинараӡе иҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧ Леван Иоселиани иинициатива иадгылоит, уи инақәыршәаны, апарламент аҿы Жәлар рыхьчаҩ иалхразы иаарту абжьыҭира мҩаҧгахоит.
Апартиатә аизара ашьҭахь Мдинараӡе ишиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ, аоппозиционер Леван Иоселиани иинициатива ишадгыло азы еиқәшаҳаҭхеит.
Иара убас, Мамука Мдинараӡе аизараҿ излацәажәоз егьырҭ азҵарқәагьы дырзааҭгылеит.
«Уаҵәы акомитет ахантәаҩцәа алхзаауеит, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иқәдыргылаз акандидатцәа роуп сызлацәажәо. Ахҧатәи зҵаарас иқәгылан арегламент иалагалатәу аҧсахрақәа. Европатәи абжьагара инақәыршәаны, апарламенттә хылаҧшра ахаҭабзиара ҳахәаҧшуеит, апарламенттә аполитикатә гәыҧқәа аҧсахрақәа аус рыдырулеит. Иара убас, апарламенттә оппозициаа рҟынтә Леван Иоселиани иҟаиҵаз ажәалагала ҳадгылоит, уи инақәыршәаны, апарламент аҿы Жәлар рыхьчаҩ иалхразы иаарту абжьыҭира мҩаҧгахоит. Уаҵәы ари азҵаара иқәсыргылоит», — иҳәеит Мдинараӡе.
Уи адагьы, Мдинараӡе иажәақәа рыла, атәыла анапхгара Аҳәынҭқарратә аудитор иҭыҧ азы Цотне Кавлашвили икандидатура иадгылоит.