Мамука Мдинараӡе  - Америкаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит, абарҭ аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп  -  ишиашоу аҧыррақәа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизада анеиааира, ааи, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит
Мамука Мдинараӡе  - Америкаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит, абарҭ аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп  -  ишиашоу аҧыррақәа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизада анеиааира, ааи, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит

Америкаҟны ҳаизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит, абарҭ аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп –  ишиашоу аҧыррақәа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизада анеиааира, ааи, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе иҳәамҭала, цқьа еилкаатәуп америкатә ашәахтәшәаҩцәа рҧара Қырҭтәылаҿ ныхшьас иамоу.

„Абас азҵаара иқәзыргыло америкатә сенаторцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит, ааи, Қырҭтәыла-Америкатә еизыҟазаашьақәа аханатә ирыхәаҧштәуп, апартниоцрәеи аҩызцәеи дара-дара рахь рхы иақәиҭны инеиратәы алшара рымазароуп, абри азнеишьоуп ииашоу, иара убас, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иҟазароуп. Ҳара астратегиатә партниорцәа ҳакәзар,  Қырҭтәыла атәылауаа, рхы иақәиҭны Америкаҟа ацара алшара рымазароуп. Иара убас, ишиашо аҧыррақәагьы иҟазароуп. Ааи, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшроуп. Америкатә  ашәахтәшәаҩцәа рҧара Қырҭтәылаҿ ныхшьас иамоу еилкаатәуп. Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит,  абарҭ аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп –  ишиашоу аҧыррақәа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизада анеиааира, ааи, аизыҟазаашьақәа ҳаиҭарыхәаҧшуеит. Ҳаҷкәынцәа фырхацәа  дара ирывагыланы  аҭынчра иазықәҧон, имаҷымкәа ҳаруаа ҭахеит, шәҩыла ахәрақәа роуит, иҟәаҟәаны иҟоуп, ҳара ҳхатә контрибуциа ҳамоуп. Рмиссиақәа рҿы ҳалахәызаара абзоурала, миллиардла адоллар аиҷаҳара рылшеит.  Ҳаргьы ак ҟаҳҵоит, дара рыцхыраарада ҳхәарҭамзшәа ҳхы ааҳмырҧшып.  НАТО иалам атәылақәа рҟынтә тәылакгьы Америкеи Европеи ацхрааразы абри аҩыза аконтрибуциа амамызт. Ҳшьа каҳҭәеит. Ҳара аҩызарала  ҳарзыҟоуп, дара рҟынтәгьы аҩызара ҳаҳәоит“, – иҳәеит Мдинараӡе.

Америкатә  Конгресс Хыхьтәи апалата Сенат 14ҩык алахәылацәа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе изаарышьҭыз ашәҟәы иануп: „Ари азакәанпроект шәыдышәкылар,  Қырҭтәыла ахырхарҭала Америка аполитика  аҧсахра ҳақәшәоит“.